Иракли  Бераиа  –  Вильниустәи асаммит Қырҭтәыла адәныҟаполитикатә хықәкы хада  – Евроатлантикатә хеилак ахь аинтеграциа наӡа иацхраап ҳәа ҳгәыҕуеит
Иракли  Бераиа  –  Вильниустәи асаммит Қырҭтәыла адәныҟаполитикатә хықәкы хада  – Евроатлантикатә хеилак ахь аинтеграциа наӡа иацхраап ҳәа ҳгәыҕуеит

Атәылахьчара апарламенттә комитет ахантәаҩы Иракли  Бераиа ишиҳәаз ала, Вильниус имҩаҧысуа НАТО асаммит  Қырҭтәыла НАТО азааигәахареи аполитикатәи апрактикатәи адгылара арҕәҕәареи  иацхраап ҳәа игәыҕуеит.

«Вильниус имҩаҧысуа НАТО асаммит  Қырҭтәыла НАТО азааигәахареи аполитикатәи апрактикатәи адгылара арҕәҕәареи  иацхраап ҳәа ҳгәыҕуеит. Ари асаммит Қырҭтәыла адәныҟаполитикатә хықәкы хада  – Евроатлантикатә хеилак ахь аинтеграциа наӡа иацхраап ҳәа ҳгәыҕуеит.  Асаммит аихшьаалатә коммунике аҿы ҳтәыла ақәҿиарақәа арбазароуп», — иҳәеит  Бераиа.

Иара иажәақәа рыла, Вильниустәи асаммит анымҩаҧысуа аамҭазы,  евроатлантикатә аиҿкаарақәа рахь Қырҭтәыла аинтеграциа иаҧырхагоу адезинформациа алараҵәара амоуп.