Иракли Бераиа – Қырҭтәыла НАТО алаларазы ихиоуп, атәыла алианс алахәызаара иақәнагоит
«Ҳара ҳабжьы рдуны, НАТО иалоу аҳәынҭқаррақәа зегьы идҳардыруеит ҳпартниорцәа рҟынтә аконкреттә шьаҿақәа ҳшырзыҧшу», — иҳәеит атәылахьчареи ашәарҭадареи азҵаарақәа рзы акомитет ахантәаҩы Иракли Бераиа.
Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла НАТО алаларазы ихиоуп, атәыла алианс алахәызаара ахәҭоуп.
«НАТО аҟынтә ҳпартниорцәа рҟны ҳазлацәажәо азҵаара хада — Қырҭтәыла евроатлантикатә интеграциеи НАТО ашҟа атәыла алалареи ауп. НАТО ашҟа Қырҭтәыла алалареи абри аӡбара адкылара ахымҧадареи алацәажәара азоуп Қырҭтәыла апарламенттә делегациа Бриуссельҟа изааиз. Ҳара ҳабжьы рдуны, иаартны НАТО иалоу аҳәынҭқаррақәа зегьы идҳардыруеит ҳпартниорцәа рҟынтә аконкреттә шьаҿақәа ҳшырзыҧшу. Қырҭтәыла НАТО алаларазы ихиоуп, атәыла алианс алахәызаара ахәҭоуп. Алианс алахәылацәа хара имгакәа аӡбара иаша рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит», — иҳәеит Иракли Бераиа.