Иракли Бераиа – Импыҵахалоу арегионқәа рҿы закәандарала иҟаҵоу ашьаҿақәа зегьы иахәҭоу ақәҿыҭра раҳҭоит, жәларбжьаратәи апартниорцәа рыдаҧхьалара алагьы
Иракли Бераиа – Импыҵахалоу арегионқәа рҿы закәандарала иҟаҵоу ашьаҿақәа зегьы иахәҭоу ақәҿыҭра раҳҭоит, жәларбжьаратәи апартниорцәа рыдаҧхьалара алагьы

Атәылахьчаразы апарламенттә комитет ахантәаҩы Иракли  Бераиа ишиҳәаз ала,  атәыла аиҳабыра импыҵахалоу арегионқәа рҿы закәандарала иҟаҵоу ашьаҿақәа зегьы  ишахәҭоу еиҧш ирықәҿырҭуеит,  жәларбжьаратәи апартниорцәа рыдаҧхьалара алагьы.

«Урыстәылатәи ампыҵахалара ҳтәылазгьы, инеизакны арегион азгьы апроблема дууп.  Очамчыратәи абаҕәаза аинфраструктура арҭбаара иалагаанӡагьы уаҟа ашәарҭадара аганахьала аҭагылазаашьа цәгьан.  Урыстәыла Аладатәи арратә округ абыжьбатәи абаза импыҵахалоу Аҧсны аҵакырадгьылаҿ игылоуп, уаҟа аракетатә комплексқәеи аҟәарахьчаратә системақәеи иҟоуп.   Очамчыратәи абаҕәаза арҭбаара амшала аҭагылазаашьа уамак аҽаҧсахуам. Уажәазы уаҟа Афедералтә шәарҭадара амаҵзура акатерқәа мацара гылоуп. Ари абаҕәаза аҕба дуқәа рыдкыларазы ихиам. Уажәазы уаҟа арҭбааразы аҭыҧ иҟам. Атәыла аиҳабыра импыҵахалоу арегионқәа рҿы закәандарала иҟаҵоу ашьаҿақәа зегьы  ишахәҭоу еиҧш ирықәҿырҭуеит,  амца аанкылара иазку аиқәшаҳаҭра анагӡаразы агрессиатә ҳәынҭқарра ақәыҕәҕәара амзызла жәларбжьаратәи апартниорцәа рыдаҧхьалара алагьы“, — иҳәеит Иракли Бераиа.