Атәылахьчареи ашәарҭадареи азҵаарақәа рзы акомитет ахантәаҩы Иракли Бераиеи акомитет алахәылацәа Хаҭиа Ҵилосании Алеқсандр Елисашвилии Германтәыла Бундестагаҿ иҟоу атәылахьчара акомитет ахантәаҩы Мари-Агнес Штрак-Циммерманн дылҧылеит.
Аиҧылараҿы излацәажәаз азҵаарақәа иреиуп арегионалтә шәарҭадареи, Украина имҩаҧысуа аибашьреи Қырҭтәылазы уи иамоу анырреи, импыҵахалоу арегионқәа рҿы аҭагылазаашьеи, Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцессаҿ иҟоу апрогресси, атәылахьчара аусхкы аҿы Қырҭтәылеи Германтәылеи русеицуреи, ҩ-тәылак рзакәанҧҵаратә органқәа рыбжьара аусеицура арҭбаара ахымҧадареи.
«Ҳтәылақәа атәылахьчара аусхкы аҿы қәҿиарала аус еицыруеит. Германтәыла НАТО-Қырҭтәылатәи апакет наӡа анагӡара активла иалахәып. Сареи ақырҭуа азакәанҧҵаҩцәеи ҳколлега ҳанлацәажәоз иаҵшьны иазгәаҳҭеит ари аусеицура арҭбаареи арҕәҕәареи, иара убас, НАТОи Евроеидгылеи рахь Қырҭтәыла аинатеграциа амзызла ҳтәыла адеокупациазы Урыстәыла ақәыҕәҕәареи ҳара ҳзы аҵакы ду шамоу», — иҳәеит Иракли Бераиа.
Адепутатцәа Бундестаг алахәылацәа ҭабуп ҳәа рарҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, европатәи евроатлантикатәи интеграциеи адгыларазы.