Иракли Ӷарибашвили Реџьеп Таип Ердоӷан иинаугурациаҿ дыҟан

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоӷан иинаугурациаҿ дыҟан.

Аинаугурациа Анкара, Ҭырқәҭәыла ахада ихан аҟны мҩаԥган.

Ауснагӡатә аҿы Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоӷан асасцәа рҿаԥхьадықәгылеит.

Аинаугурациа ашьҭахь Ҭырқәтәыла ахада асасцәа раҳаҭыр азы аныҳәатә уаххьа  мҩаԥигеит.

Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоӷан иинаугурациахь иааԥҳьан 100-ҩык рҟынӡа асасцәа – атәылақәа рлидерцәа, аԥыза-министрцәа, аделегациақәа, жәларбжьаратәи аиҿҟаарақәа рхаҭарнакцәа.