Иракли Ӷарибашвили - Нато аҟны аҩаӡарақәа зегьы рҿы ҳполитикатә диалоги апрактикатә усеицуреи рырҵаулара ҳазыхиоуп
Нато аҟны аҩаӡарақәа зегьы рҿы ҳполитикатә диалоги апрактикатә усеицуреи рырҵаулара ҳазыхиоуп, – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберги иареи еицымҩаԥыргаз абрифинг аҿы.
Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы адкылареи алианс алахәылацәа Қырҭтәыла евроатлантикатә амҩаҿ адгылареи рзы алианс амаӡаныҟәгаҩ хада иҭабуп ҳәа иаиҳәеит.
„Адкылареи алианс алахәылацәа Қырҭтәыла евроатлантикатә амҩаҿ адгылареи рзы иҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп. Алшара соуит иахьа иҟоу атурбуленттә ҭагылазаашьа афон аҿы иҳабжьоу ҩганкалатәи ҳаизыҟазаашьақәа срыхцәажәарц, иахьа Украина ицо аибашьра ҳареи, Европа ашәарҭадаратә архитектуреи идуӡӡоу ашәарҭа иҭагылоуп. Ари ада, Қырҭтәыла Урыстәылаҟны ампыҵахалара амзызла ахатә проблемақәа амоуп“, – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.