Иракли Ӷарибашвили - Марриот жәларбжьаратәи каҭа иреиҳаӡоу аҩаӡара змоу абренд Luxury Collection ҳтәылаҿ ацәырҵра ала, Қырҭтәыла асасдкыларатә индустриаҿ апараграф ҿыц алагоит
Иракли Ӷарибашвили - Марриот жәларбжьаратәи каҭа иреиҳаӡоу аҩаӡара змоу абренд Luxury Collection ҳтәылаҿ ацәырҵра ала, Қырҭтәыла асасдкыларатә индустриаҿ апараграф ҿыц алагоит

Қарҭ аатит Marriot жәларбжьаратәи акаҭа иреиҳаӡоу аҩаӡара змоу абренд – Luxury Collection асасааирҭа ҿыц “Paragraph Tbilisi”. Аартра ацеремониа ихы алаирхәит Қырҭтәыла аԥыза министр Иракли Ӷарибашвили.

“Марриот жәларбжьаратәи каҭа иреиҳаӡоу аҩаӡара змоу абренд Luxury Collection ҳтәылаҿ ацәырҵра ала, Қырҭтәыла асасдкыларатә индустриаҿ апараграф ҿыц алагоит”, – иҳәеит Қыр ҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили асасааирҭа ҿыц “Paragraph Tbilisi” аартра ацеремониаҿ.

Аԥыза-министр иажәақәа рыла, Қырҭтәыла даҽа иалукааша апроект ацҵеит. Иракли Ӷарибашвили ишазгәеиҭаз, “Paragraph Tbilisi” аинвестициақәа 150 миллион доллар иаҟароуп.

Ауснагӡатә аҿы асасцәа рҿаԥхьа иқәгылеит асасааирҭақәа рнапхгараҭаратә аилахәыра анагӡаратә директор Гьаргь Тогониӡеи,  Марриот жәларбжьаратәи каҭа ахада Сатиа Ананди, Қырҭтәыла жәларбжьаратә туризм аҿиара афонд анагӡаратә директор Гьаргь Баидарашвилии, асасааирҭа “Paragraph Tbilisi” аменеџьер хада Томас Опстал.

“Paragraph Tbilisi” Marriot жәларбжьаратәи акаҭа иреиҳаӡоу аҩаӡара змоу абренд – Luxury Collection асасааирҭоуп. “Paragraph Tbilisi” аинвестициақәа 150 миллион доллар иаҟароуп. Асасааирҭаҿ 220 номери, 5 ресторанки, зыҩаӡара ҳараку спа, аиԥыларақәеи аконференциақәеи рымҩаԥгаразы иҷыдоу ақәыԥшыларақәеи иҟоуп. Асасааирҭа 900-ҩык асасцәа рыдкылара алшоит.