Иракли Ӷарибашвили Казахстан аԥыза-министр диԥылеит
Иракли Ӷарибашвили Казахстан аԥыза-министр диԥылеит

Казахстан визитла иҟоу Қырттәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Казахстан аԥыза-министр диԥылеит.

Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа ала, аиԥылараҿ аганқәа ҩтәылак рыбжьара ирыбжьоу аизыҟазаашьақәеи наҟ-наҟтәи аусеицура аперспективақәеи ирыхәаԥшит.

Иракли Ӷарибашвили казахстантәи иколлега иҟны аиԥылараҿ ишазгәеиҭаз ала, Казахстани Қырҭтәылеи кыршықәсатәи аиҩызаратә аизыҟазаашьақәа рыбжьоуп.

Казахстан аԥыза-министр Алихан Смаилов иҟаиҵаз аҳәамҭала, Казахстан атәылақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәеи аусеицуреи рырӷәӷәареи рырҭбаареи иазыхиоуп.