Иракли Ӷарибашвили - Иреиҳаӡоу азакәан азгәыкреи ахьчареи - атәылауаҩратә акзаареи аҭынчреи, атәыла аҭышәынтәалареи, ҧхьаҟаҵареи азы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп
Қырҭтәыла аԥыза-министр Аконституциа амш инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иажёақәа рыла, иреиҳаӡоу азакәан азгәыкреи ахьчареи – атәылауаҩратә акзаареи аҭынчреи, атәыла аҭышәынтәалареи, ҧхьаҟаҵареи азы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп.
“Ишәыдысныҳәалоит Аконституциа амш! 1995 шықәса нанҳәа 24 рзы Қырҭтәыла апарламент аднакылеит атәыла иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә документ – Қырҭтәыла Аконституциа. Ақырҭуа милаҭ иреиҳаӡоу ашәышықәсарацәалатә аҳәынҭқарратә традициақәа рышьаҭала еиқәыршәаз Қырҭтәыла адемократиатә республика 1921 шықәсатәи Аконституциа – усҟантәи аамҭазы зегьы раасҭа ипрогресивыз азинтә документын, уи ҳаамҭазтәи адемократиатә ҳәынҭқарра аҿиаразы ашьаҭа ҕәҕәа аҧнаҵеит. Уи ауаажәларратә аиқәшаҳаҭра ахадаратә принципқәеи, ажәлар ирзеиҧшу ахықәкқәеи, аҽазышәарақәеи аанарҧшуеит; азакәан аиҳаӡареи, ауааҧсыра зегьы рзинқәеи рхақәиҭрақәеи шьақәнарҕәҕәоит; аполитикатәи, аекономикатәи, асоциалтәи ҧсҭазаара ахадаратә хырхарҭақәа ҳәаақәнаҵоит; Аконституциа – ақырҭуа жәлар рзы ашьаҭа хадоуп европатәи аҳәынҭқарра аргылара апроцесс аҿы. Иреиҳаӡоу азакәан азгәыкреи ахьчареи – атәылауаҩратә акзаареи аҭынчреи, атәыла аҭышәынтәалареи, ҧхьаҟаҵареи азы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп”, – иануп аԥыза-министр иҟаиҵаз адныҳәалара аҿы.