Иракли Ӷарибашвили инапхгарала, Қырҭтәыла адемографиатә зҵаарақәа рылацәажәара иазку ахеилак иашьҭанеиуа аилатәара мҩаҧган
Иракли Ӷарибашвили инапхгарала, Қырҭтәыла адемографиатә зҵаарақәа рылацәажәара иазку ахеилак иашьҭанеиуа аилатәара мҩаҧган

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аиҳабыра радминистрациаҿы, Қырҭтәыла адемографиатә зҵаарақәа рылацәажәара иазку ахеилак анеҩстәи аилатәара мҩаҧган.

Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациала, аиҧылараҿы ахеилак алахәылацәа адемографиатә тенденциақәеи адемографиатә ҭагылазаашьа аиҕьтәразы иҟоу алшарақәеи ирылацәажәеит. Аилатәараҿы ишазгәаҭаз ала, адемографиатә ҭагылазаашьа ацәгьахара зыхҟьаз амзызқәеи адемографиатә процесс аҭышәынтәалара иаҧырхагоу аҧынгылақәеи раарҧшразы аҭҵаарақәа иалагахьеит.

Ахеилак алахәылацәа абгара астатистика цәгьа иазааҭгылеит. Ишазгәаҭаз ала, ари ахырхарҭала иҵегьы ауснагӡатәқәа мҩаҧгатәуп.

Аилатәараҿы, Аусбарҭабжьаратә хеилак алахәылацәа, адемографиатә ҭагылазаашьа аиҕьтәра амзызла еиқәдыршәаз аинициативақәа рпакет цәырыргеит, уи ала иазҧхьагәаҭоуп уажәазы иҟоу апрограммақәа рырҭбаареи, иара убас, апроект ҿыцқәа рымҩаҧгареи. Адемографиатә хеилак анеҩстәи аилатәараҿы аусуратә гәыҧ алахәылацәа, абарҭ аинициативақәа, иаҳа инарҭбааны, апроект асахьала ицәырыргоит.