Иракли Ӷарибашвили инапхгарала аекономикатә хеилак аилатәара мҩаԥган
Иракли Ӷарибашвили инапхгарала аекономикатә хеилак аилатәара мҩаԥган

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала аиҳабыра радминистрациаҿы Аекономикатә хеилак аилатәара мҩаҧган.

Ахеилак алахәылацәа аекономика ахырхарҭала атәылаҿ иҟоу иҵоуроу атенденциақәа ирылацәажәеит.

Иара убас ирыхәԥшит 2024 шықәсатәи абиуџьет априоритеттә хырхарҭақәа.

Ахеилак аилатәараҿ анхарҭада иҟоу, ахылҵ рацәа змоу аҭаацәарақәа анхарҭала реиқәыршәара азҵаара иахәаԥгит. Аԥыза-министр иажәақәа рыла, 1000 раҟара аҭаацәарақәа ауадақәа рзаархәоит. Ари апрограмма шықәс ҿыц азы иалагоит, уи азы зынӡа 50 миллион лари азорыжьҭуеит

Аиҳабыра рнапхгаҩы аилатәараҿ идгалан аҳәынҭқарратә мазара априватизациа иазку аҳасабырба. Иахьазы априватизациа рзууп 180 000 000 лари зыԥсоу аҳәынҭқарратә мазара, уантә ацентртә биуџет иаллахеит 121 445 138 лари.

Аеконмикатә хеилак алахәылацәа иахцәажәеит аҳәынҭқарратә ааглыхрақәа рреформа азҵаара. Ишазгәаҭаз, 2022 шықәса ԥхынҷкәын азы ишьақәырӷәӷәан Аҳәынҭқарратә ааглыхрақәа зегьеицырзеиԥшу ареформа 2023-2026 шш. астратегиа. Уажәы инагӡоит азакәан аус адулара.

Аилатәараҿ ирыхәаԥшит CFD  аукционқәа рылҵшәақәеи, аукцион ҿыц алагара апроцесси.