Иракли Ӷарибашвили - Ҳтәылаҿ ибзиаӡаны еилаҳкаауеит аклиматтә кризисқәа рыҿагылара ароль, ари ахырхарҭала ихадоу ашьаҿақәа ҟаҳҵоит
Иракли Ӷарибашвили - Ҳтәылаҿ ибзиаӡаны еилаҳкаауеит аклиматтә кризисқәа рыҿагылара ароль, ари ахырхарҭала ихадоу ашьаҿақәа ҟаҳҵоит

Ҳтәылаҿ ибзиаӡаны еилаҳкаауеит аклиматтә кризисқәа рыҿагылара ароль, ари ахырхарҭала ихадоу ашьаҿақәа ҟаҳҵоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Аклимат аҽаҧсахра иазку ЕАР 28-тәи аконференциа адунеи алидерцәа рсаммит аҿы данықәгылоз.

Ӷарибашвили иажәақәа рыла, аԥсабара анырра армаҷреи адаптациеи рзы Қырҭтәыла абиуџьет аҟынтә иалхын 500 миллион лари еиҳаны.

„Ҳтәылаҿ ибзиаӡаны еилаҳкаауеит аклиматтә кризисқәа рыҿагылара ароль, ари ахырхарҭала ихадоу ашьаҿақәа ҟаҳҵоит. Аԥсабара анырра армаҷреи адаптациеи рзы Қырҭтәыла абиуџьет аҟынтә иалхын 500 миллион лари еиҳаны”, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.

Қырҭтәыла аԥыза-министр иажәақәа рыла, ЕАР Аклимат аҽаҧсахра иазку ЕАР 28-тәи аконференциа атәыла-хантәаҩ ирҿыцу аенергоресурсқәа реизырҳара иазку апозициа дадгылоит .

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Аклимат аҽаҧсахра иазку ЕАР 28-тәи аконференциа адунеи алидерцәа рсаммит ихы алаирхәоит. Ауснагӡатә Иеиду Араҧтәи Емиратқәа рҿы, Дубаи имҩаҧысуеит.

Иракли Ҕарибашвили, аделегациа алахәылацәа дрыцны, асаммит аартра ихы алаирхәит. Асаммит иалахәы алидерцәа рҿаҧхьа асаламтә ажәала иқәгылеит Иеиду Араҧтәи Емиратқәа ахада, ашеих Моҳамед бин Заиед Аль-Наҳиании, ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада Антонио Гутиереши, Британиа Дуи Аҩадатәи Ирландиеи Иеиду аҳра аҳ Чарльз III-тәи.