Иракли Ӷарибашвили Emaar Properties ашьаҭаркҩы, анапхгаратә директор диԥылеит

18:44, 02.12.2023

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Emaar Properties ашьаҭаркҩы, анапхгаратә директор Моҳамад Али Рашед Алабар диԥылеит.

Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа ала, Дубаи Моҳамад Али Рашед Алабар ирезиденциаҿ имҩаԥгаз аиԥылараҿ Emaar Properties назыгӡо апроектқәа ирылацәажәеит.

Адунеи аҿы зегь реиҳа иҳараку ахыбра Бурџь-Халифа Моҳамад Али Рашед Алабар итәуп. Emaar Properties активқәа 30 миллиард еиҳауп.

Еиԥшу