Иракли Ӷарибашвили – ЕАШ рҟны агрант азы еиқәшаҳаҭра хықәкыс амоуп атәылауаа рзы аулафахәа ду ахьроуа аусурҭаҭыԥқәа раԥҵара, адемократиа арӷәӷәара
“Иахьа Қырҭтәылеи ЕАШ-и (ЕАШ жәларбжьаратәи аҿиара агентра USAID) рнапқәа аҵарҩит “Қырҭтәыла иҭышәынтәалоу аҿиара адыгылара” иазку еиқәшаҳаҭра. ЕАШ рҟны агрант азы еиқәшаҳаҭра хықәкыс амоуп атәылауаа рзы аулафахәа ду ахьроуа аусурҭаҭыԥқәа раԥҵара, адемократиа арӷәӷәара, – иҳәеит Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Қырҭтәылеи ЕАШ-и “Қырҭтәыла иҭышәынтәалоу аҿиара адыгылара” иазку агрант азы еиқәшаҳаҭра анапаара ацеремониа аҿы.
Ӷарибашвили иажәақәа рыла, еиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны USAID актәи аетап аҿы Қырҭтәыла азалнахуеит 67 миллион америкатәи адоллар, 330 миллион рҟынӡа азҳара аперспективала.
Аиқәшаҳаҭра рнапқәа аҵарҩит Афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвилии USAID амиссиа адиректор Питер Виблери.