Иракли Ӷарибашвили ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада диԥылеит
Иракли Ӷарибашвили ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада диԥылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ӷарибашвили ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гутиереш диԥылеит.

Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа ала, ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада иҟны аиԥылараҿ аганқәа ирыхәаԥшит иҭышәынтәалоу аҿиара ахырхаҭақәа рҿы ЕАР иҟанаҵо ашьаҿақәарҵакы.

“Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз, Қырҭтәыла адгылоит ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада иаԥшьигаз атрақтатқәа. Иракли Ӷарибашвили иажәақәа рыла, Қырҭтәыла «Аҭынчра амш аусхәаԥштәҿыц» ашьақәыргылара аганахьала Антониу Гутиереш илагала ахәшьара ҳарак анаҭоит. Аиԥылараҿ ирыхәаԥшит адунеи аҿы иҟоу ашәарҭадаратә ҭагылазаашьеи ааԥхьарақәеи, Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьеи агуманитартә ганахьала иҟоу аҭагылазаашьа цәгьеи, аимакқәаҭынч мҩала рҭыԥқәҵараҿ ЕАР алагалеи, Украина ицо аибашьра амшала аднеи ашәарҭадаратә архитектура аԥсахреи цҳәа уб егьырҭ ихадароу азҵаарақәа. Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аланарҵәаз адырра инақәыршәаны, аиԥылараҿ Иракли Ӷарибашвили иаҵшьны иазгәеиҭеит азҵаарақәа ҭынч мҩала рыӡбара аҵакы. Иракли Ҕарибашвили Антониу Гутиереш иҭабуп иаиҳәеит Қырҭтәыла атерриториатә акзаареи асуверенитети рыдгылареи рзы”, – иануп аинформациа аҿы.