Иракли Ӷарибашвили - Арчил Татунашвили аҧсадгьыл ахьчара ихы ақәиҵеит
Иракли Ӷарибашвили - Арчил Татунашвили аҧсадгьыл ахьчара ихы ақәиҵеит

Арчил Татунашвили ифырхаҵара ахаан иаҳхашҭуам, абиԥара ҿыцқәа иҿырԥштәы ала иааӡоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили.

Ӷарибашвили ишазгәеиҭаз, жәларбжьаратәи зинтә лшарақәа зегьы  ҳхы иаҳархәоит Татунашвили иԥсра зхароу зегьы  ақәнага иақәыршәар азы.

Иракли Ӷарибашвили Арчил Татунашвили дигәалаиршәеит.

„Иахьа Арчил Татунашвили 39 шықәса ихыҵуазаарын. Арчил аҧсадгьыл ахьчара ихы ақәиҵеит, жәларбжьаратәи зинтә лшарақәа зегьы  ҳхы иаҳархәоит Татунашвили иԥсра зхароу зегьы  ақәнага иақәыршәар азы”,  – ааицҳаит аԥыза-министр.