Иракли Ӷарибашвили - Абаандаҩы Саакашвили апривилегиақәа ахаан иоуам, уи фышықәса абахҭа дҭакызаауеит
Иумфан ҳәа аӡә иаиҳәома? Дзымлашьуазеи? Ак исҳәарц сҭахуп, абаандаҩы Саакашвили апривилегиақәа ахаан иоуам, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили ажурналистцәа данрацәажәоз.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, Қырҭтәыла абахҭақәа зықьҩыла абаандаҩцәа ҭакуп, урҭгьы ихылаԥштәуп.
“Абаандаҩы Саакашвили апривилегиақәа ахаан иоуам, егьырҭ абаандаҩцәеи иареи аиԥшымрак рымоуп, уи ҳтәыла, ҳԥеиԥш, ҳажәлар ԥырхага ду рзааигеит – ампыҵахалара, зықьҩыла ауаа рнырҵәара. Саакашвили фышықәса абахҭа дҭакызаауеит,” – иҳәеит Ӷарибашвили.