Иракли Ӷарибашвили - 2012 шықәсазы аҵара абиуџьет 626 миллион лари иаҟаран, 2024 шықәсазы абиуџьет ҩмиллиардки 508 миллион лари иаҟарахоит
Ҳаҭыр зқәу ҳарҵаҩцәа рзанааҭтә аҿиареи рыдгылареи ҳалагеит, аиҳабыраҿ ибзиаӡаны еилыркаауеит арҵаҩцәа рыдгылара ҵакыс иамоу, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.
Аҧыза-министр иажәақәа рыла, аиҳабыра ибзиаӡаны еилыркаауеит арҵаҩы иџьабаа зыҧсоу.
Арҵаҩцәа рҭагылазаашьа аиҕьтәра наҳагӡоит, иахьа ишәсырдырыр сҭахуп ҳара ҳаӡбаралаю 2012 шықәсазы арҵаҩы иџьаусԥса 330 лари иаҟаран. Сынтәа арҵаҩы ибжаратә џьаусԥса 1200 лари иаҟароуп. Ари апроцесс нагӡахоит, арҵаҩы иџьаусԥса 600 700 ма 800 лари ала иазҳарны, 1700-1800 лари иаҟарахаргьы ҟалап”, – иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.