Ираклий Кобахиӡе - Ҳаштаб аинформациала, амуниципалитетқәа зегьы рҿы, Қарҭи ақалақь дуқәеи уахь иналаҵаны, "Ақырҭуа гәахәтәы" 70% аиуит

Ҳаштаб аинформациала, амуниципалитетқәа зегьы рҿы, Қарҭи ақалақь дуқәеи уахь иналаҵаны, “Ақырҭуа гәахәтәы” 70% аиуит. Ҳара ауааԥсыра ас еиԥш иҳараку агәрагара ахә ҳаракны ҳшьоит, ари агәрагара арҵабыргразы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе абрифинг аҿы.

Кобахиӡе иажәақәа рыла, АЦАК излаанацҳауа ала, алхрақәа рҿы алхыҩцәа рактивра ҳаракуп. Аԥыза-министр ари азы атәылауаа ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

“АЦАК адыррақәа рыла, алхрақәа рахь инеит  1 200 000-ҩык алхыҩцәа. “Ақырҭуа гәахәтәы” аштаб ахьӡала, алхрақәа рахь инеиз атәылауаа ҭабуп ҳәа расҳәоит.