Индиа ацҳа ахыбгалараан иҭахаз рхыԥхьаӡара 141-ҩык рҟынӡа инаӡеит
Индиа ацҳа ахыбгалараан иҭахаз рхыԥхьаӡара 141-ҩык рҟынӡа инаӡеит

Индиа ацҳа ахыбгалараан иҭахаз рхыԥхьаӡара 141-ҩык рҟынӡа инаӡеит.

Аҭыԥантәи аихқәа ишаарыцҳаз, Индиа, Гуџьараттәи аштат Морби ақалақь аҿы аԥшаара-аиқәырхаратә операциа аҳәаақәа ирҭагҿаны аиқәырхаҩцәа 177-ҩык еиқәдырхеит, џьоукы ыԥшаара уажәгьы иаҿуп

Уахынла аҿиас Мачҳу иҭаҳаз ауаа рыԥшаара операциа иалахәын “акатастрофақәа рықәҿыҭра амилаҭтә мчқәа” хәгәыԥк.

230 метр аура змаз аҭоурыхтә ацҳа 19-тәи ашәышықәсазы иргылан. Фымз имҩаԥысуаз арҽеиратә усурақәа рышьҭахь, ацҳа иҳаҩсыз амчыбжь азы аартын.