Илиа Дарчиашвили польшатәи иколлега ҭелла диацәажәеит
Илиа Дарчиашвили польшатәи иколлега ҭелла диацәажәеит

Қырҭтәылa aдәныҟaтәи aусқәa рминистр Илиа Дарчиашвили польшатәи иколлега Радослав Шикорски ҭелла диацәажәеит, – аарыцҳаит Қырҭтәылa aдәныҟaтәи aусқәa рминистрра аҟынтә.

Аусҳәарҭа аинформациала, Қырҭтәылa aдәныҟaтәи aусқәa рминистр иколлега апозициа ҿыц идиныҳәалан, ақәҿиарақәа изеиӷьаишьеит.

„Аганқәа ҩтәылак рыбжьара аусеицура арҭбаара шазыхиоу иазгәарҭеит. Польша актәи адипломат ақырҭуа коллега Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анашьара идиныҳәалеит.

Илиа Дарчиашвили польшатәи иколлега Евроеидгыла амҩаҿ адгыларазы иҭабуп ҳәа иаиҳәеит.