Илиа аҩбатәи иирамш инамаданы қырҭтәыла апатриархиа адныҳәалара ҟанаҵеит.
“Иахьа Қырҭтәыла зегьы апатриарх, Мцхеҭа-Мҭианеҭи рыҷҟәандар хада, Пицундеи Цхәым-Аԥсни рмитрополит Илиа аҩбатәи 89 шықәса ихыҵит.
Абзиабареи патуқәуҵара дуи рыла идыҳныҳәалоит ари амш.
Анцәа ҭабуп ҳәа иаҳҳәоит ҳтәылеи ҳуахәамеи имариам аамҭазы абри еиԥш адоуҳатә уаҩ дыр аҳзааишьҭыз. Ҳпатриарх шеишықәса рыбжьара Қьырса идин гәык ала азыҟазаареи, абзиабареи, ачҳареи, абзиареи, анажьреи ауаҩытәыҩса иеиҷаҳареи ҳирҵоит.
Агәабзиареи, агәамчи ақәра ду ахыҵреи изеиӷьаҳшьоит,” – иануп адныҳәалараҿ.