Илиа аҩбатәи - Ауаҩи амилаҭи рԥеиԥш аҭынчра акәзароуп, ари иаҳхамшҭроуп
Ауаҩи амилаҭи рԥеиԥш аҭынчра акәзароуп, ари иаҳхамшҭроуп, – иануп Қырҭтәыла акатоликос патриарх Илиа аҩбатәи иҟаиҵаз Ашықәс ҿыцтәи адныҳәалара аҿы.
“Ашықәс ҿыц ҳҭалеит. Ауаҩы цыԥхьаӡа, амилаҭ цыԥхьаӡа ахатә мҩа, аԥеиԥш алырхроуп. Ауаҩи амилаҭи рԥеиԥш аҭынчра акәзароуп, ари иаҳхамшҭроуп. Ҳара Урыстәылеи Украинеи ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа ҳгәы ҳнархьуеит. Аҩ тәылак рҿы аҭынчра шышьақәгылоу сақәгәыӷуеит. Қырҭтәылаҿгьы аҭынчра аҭагылазаашьа аҭыԥқәҵара алшап ҳәа сгәыӷуеит. Агәабзиареи, аҭынчреи ишәзеиӷьасшьоит”, – иазгәеиҭеит апатриарх.