Илиа аҩбатәи - Астатус аиура иахьатәи анапхгареи ауаа рацәеи рџьабаа ду иалҵшәоуп, ари амҩаҿ анапхгарақәа зегьы рлагала ҟарҵеит
Евроеидгыла акандидат тәыла астатус инамаданы, Қырҭтәыла апатриархиа Қырҭтәыла акатоликос-патриарх Илиа аҩбатәи иҳәамҭа аланарҵәеит.
“Иахьа иалукааша мшуп, Евореидгыла алаларазы акандидат тәыла астатус аиурала, атәыла аҩныҵҟаполитикатәии жәларбжьаратәи еизыҟазаашьақәеи рхыхарҭала алшара ҿыцқәа ҳзаартхоит, иҳамазаауеит акультуратәи, аҵарадырратәи, атехникатәи, аекономикатәи аҿиара.
Ари аимадара аҩганк рзы ихырҳагахап ҳәа, ҳтәыла ақьырсиантә традициақәеи адоуҳатә хәынаӡарақәеи рырӷәӷәара адгылап ҳәа сгәыӷуеит.
Акандидат статус аиура иахьатәи анапхгареи ауаа рацәеи рџьаба ду иабзоуроуп, ари амҩаҿ ҳнапхгарақәа зегьы рлагала ҟарҵеит
Ашәыдысныҳәалоит, шәысныҳәоит!“ – иануп аҳәамҭа аҿы.