Ильхам Алиев – Аҧыза-министрс даныҟарҵаҵәҟьа, Иракли, иаразнак Азербаиџьанҟа дааит, сара уи даараӡа сгәы иаахәеит
Ильхам Алиев – Аҧыза-министрс даныҟарҵаҵәҟьа, Иракли, иаразнак Азербаиџьанҟа дааит, сара уи даараӡа сгәы иаахәеит

Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр, гәыкала ишәыдысныҳәалоит, Азербаиџьан бзиала шәаабеит. Аҧыза-министрс шәаныҟарҵаҵәҟьа,  иаразнакҵәҟьа  Азербаиџьанҟа шәааит, уи даараӡа сгәы иаахәеит, — иҳәеит Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиев Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи иареи еицымҩаҧыргаз прессконференциаҿы.

Ильҳам Алиев ишиҳәаз ала, ишиашо аиҧылараҿы иареи Қырҭтәыла аҧыза-министри зҵакы дуу азҵаарақәа рацәа ирылацәажәеит.

«Ҳара ари авизит аҵакы ду анаҳшьоит. Ишиашо аиҧылараҿы ҩ-тәылак рлидерцәа зҵакы дуу азҵаарақәа рацәа ирылацәажәеит. Ҳара ҳаидгылоуп, аиҩызареи аешьареи ҳабжьоуп. Ҳаиҩызара ашьаҭа ҕәҕәа амоуп. Ҳҳәынҭқаррақәа реизыҟазаашьақәа абри аҩыза ашьаҭаҿы ишьақәгылеит», — иҳәеит  Алиев.