Ильҳам Алиев – Азербаиџьани Қырҭтәылеи – еизааигәоу партниорцәоуп,  Европазы зҵакы дуу,  иаку астратегиатә командоуп
Ильҳам Алиев – Азербаиџьани Қырҭтәылеи – еизааигәоу партниорцәоуп,  Европазы зҵакы дуу,  иаку астратегиатә командоуп

Азербаиџьан ахада иҳәамаҭала,  Азербаиџьани Қырҭтәылеи – еизааигәоу партниорцәоуп,  Европазы зҵакы дуу, иаку астратегиатә командоуп.  Ильҳам Алиев ари аҳәамҭа ҟаиҵеит афорум «Ҟарабах: 30 шықәса рышьҭахь аҩныҟа ахынҳәра. Ақәҿиарақәеи ауадаҩрақәеи» аҿы данықәгылоз.

«Азербаиџьани Қырҭтәылеи – еизааигәоу партниорцәоуп. Ҳпартниорра аенергетика мацара акәӡам изызку. Ҳусеицура абзоурала, ҳара ҳхы ааҳарҧшыр ҳалшеит  —  аҩ-тәылак  — иаку, Европазы зҵакы дуу, иаку астратегиатә команда аҳасабала», — иҳәеит Алиев.

Алиев ишиҳәаз ала, иара лассы-лассы Қырҭтәылаҟа даауеит, Қырҭтәыла аҧыза-министр Азербаиџьан даҭаауеит, арҭ аиҧыларақәа раан зҵакы дуу азҵаарақәа ирылацәажәоит.

«Қырҭтәыла Евроеидгыла иалалар шаҭаху еилаҳкаауеит. Ақырҭуа ҳҩызцәа ари аҽазышәараҿы ақәҿиарақәа рзеиҕьасшьоит, астатус шәанашьара шәыдысныҳәалоит», — иҳәеит  Алиев.