Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Урыстәыла акоронавирус 20 765-ҩык рыдбалан, рыԥсҭазаара иалҵит 806-ҩык
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Урыстәыла акоронавирус 20 765-ҩык рыдбалан, рыԥсҭазаара иалҵит 806-ҩык

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Урыстәыла акоронавирус 20 765-ҩык рыдбалан, 15 601-ҩык ачымазара иалҵит. Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла рыԥсҭазаара иалҵит 806-ҩык.

Ари атәы аарыцҳаит атәыла аиҳабыра иаҵанакуа аоперативтә штаб аҟынтә.

Апандемиа иалагеижьҭеи иахьанӡа Урыстәыла акоронавирус рыдбалан 6 621 601-ҩык, ачымазара иалҵхьеит 5 899 917-ҩык апациентцәа.