Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa, Шәaмaхьтәылa даҽа 150-ҩык aкоронaвирус ирыдбалан, рыҧсҭазаара иалҵит 248-ҩык
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa, Шәaмaхьтәылa даҽа 150-ҩык aкоронaвирус ирыдбалан, рыҧсҭазаара иалҵит 2-ҩык, 248-ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит.
Ари атәы аарыцҳаит Агәабзиаахьчара аминистрра аҟынтә.
Цәыббра 15 рзы иҟоу адыррақәа рыла, aтәылaҿы aкоронaвирус ирыдбалан 46 119-ҩык, 41 941 -ҩык ачымазара иалҵхьеит. 1 203-ҩык иҧсит.