Иенс Столтенберг - Урыстәылала импыҵахалоу аҵакырадгьылаҿы арратә базақәа рыргылара Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи еиланагоит
Ҳара Қырҭтәыла асувеернитети атерриториатә акзаареи ҳрыдгылоит, импыҵахалоу аҵакырадгьыл аҿы Урыстәыла ахатә арратә базақәа рыргылара ахьаҿу ҳадаҳкылом, – иҳәеит Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг.
Иенс Столтенберг иажәақәа рыла, ари ала Урыстәыла Қырҭтәыла асувеернитети атерриториатә акзаареи еиланагоит.
„Ари ала иубарҭоуп Урыстәыла Украинаиҿ арратә хықәкқәа рынагӡаразы хара ацара шаҭаху. Ари аӡбара рыдыркылеит уаҳа ԥсыхәа ахьрымамыз аҟынтә – украинаа Ҟрым иҟоу урыстәылатәи арратә-амшынтә обиектқәа рнырҵәара амзызла, Урыстәыла ахыхьчаратә позициашҟа ииасит. Урыстәыла альтернатива аԥшаара иаҿуп“, – иҳәеит Нато амаӡаныҟәгаҩ хада