Иенс Столтенберг - Нато Урыстәылазы ашәарҭа аанарԥшуам, аха иаҳа еицәоу аҭагылазаашьа ҳазыхиазароуп, ирҿыцу урсытәылтәи агрессиа Нато армаҷра акәыкәа, азҳара ахылҵуеит
Иенс Столтенберг - Нато Урыстәылазы ашәарҭа аанарԥшуам, аха иаҳа еицәоу аҭагылазаашьа ҳазыхиазароуп, ирҿыцу урсытәылтәи агрессиа Нато армаҷра акәыкәа, азҳара ахылҵуеит

Нато ашьаҭатәи апринципқәа еиланагом, иарбанзаалак амилаҭ ахатә амҩа ахала алхра зин амоуп, – иҳәеит Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг Британиа Ду аԥыза-министр Борис Џьонсони иареи еицымҩаԥыргаз апрессконферецниа аҿы.

Ситолтенберг иажәақәа рыла, Нато Урыстәылазы ашәарҭа аанарԥшуам, аха алианс иаҳа еицәоу аҭагылазаашьа азыхиазароуп.

Столтенберг ишааицҳаз, иаауа амчыбжь азы Нато атәылахьчара аминистрцәа аидгылаҩцәа ршәарҭадра арӷәӷәара азҵаара иахәаԥшуеит.

“Иахьа шьыжьымҭан Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров ашәҟәы изысышьҭит, уа даҽазнык иазгәасҭеит адипломатиатә амҩа аԥшааразы адиалог ҳшазыхиоу. Ҳара Урыстәыла агәынамӡара азыӡырҩра ҳазыхиоуп, Европа ашәарҭадара ашьаҭатә принципқәа рыхьчареи рырӷәӷәареи рыхцәажәара ҳазыхиоуп. Нато Урыстәылазы ашәарҭа аанарԥшуам, аха иаҳа еицәоу аҭагылазаашьа ҳазыхиазароуп, ирҿыцу урсытәылтәи агрессиа Нато армаҷра акәыкәа, азҳара ахылҵуеит. Иаауа амчыбжь азы Нато атәылахьчара аминистрцәа аидгылаҩцәа ршәарҭадра арӷәӷәара азҵаара иахәаԥшуеит,” – иҳәеит Столтенберг.