Иенс Столтенберг - НАТО Қырҭтәылеи Босниа–Герцеговинеи рзы хазхаҭалатәи адгылара арҕәҕәароуп
НАТО Қырҭтәылеи Босниа–Герцеговинеи рзы хазхаҭалатәи адгылара арҕәҕәароуп, — иҳәеит Аҩадаатлантикатә алианс амаӡаныҟәгаҩ хада НАТО асаммит ҷыда иалагаанӡа имҩаҧгаз абрифинг аҿы.
«Урыстәыла аган аҟынтә ақәыҕәҕәара ашәарҭада иҭагыло егьырҭ апартниорцәа рзы хазхаҭалатәи адгылара арҕәҕәаразы ҳаиқәшаҳаҭхап ҳәа сгәыҕуеит. Қырҭтәылеи Босниа–Герцеговинеи нрылаҵаны. Европатәи Ахеилаки ҳареи арҭ атәылақәа ҳрыцхраароуп рхьыҧшымра ахьчареи ихы иақәиҭны аӡбрақәа рыдкылареи аҿы», — иҳәеит Столтенберг.
Иара иажәақәа рыла, НАТО Украина адгыларазы иаҭаху зегьы ҟанаҵоит.
«Аха, ари аибашьра НАТОи Урыстәылеи реиҿагылара ашҟа ииасыр ҟалом, избанзар, иаҳа ирацәаны ацәыӡи абгарақәеи ҟалар ауеит», — иҳәеит Столтенберг.