Иенс Столтенберг – Амшын еиқәа — НАТО азы астратегиатә аҵакы ду змоу регионуп, уаҟа иаҳзааигәаӡоу апартниорцәа ҳамоуп — Украинеи Қырҭтәылеи
«Амшын еиқәа — НАТО азы астратегиатә аҵакы ду змоу регионуп, уаҟа иаҳзааигәаӡоу апартниорцәа ҳамоуп — Украинеи Қырҭтәылеи», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг аофициалтә визитла Румынтәыла даныҟаз.
Иара иажәақәа рыла, НАТО адиалоги аполитикатә аӡбареи иазҿлымҳауп, аха, ахадаратә принципқәа ирыдҳәаланы акомпромисс зыҟалом.
«НАТО ахыхьчаратә алиансуп. Ҳара ҳхықәкы — аҭынчра ахьчара ауп. Ҳара Румынтәылеи НАТО адгылаҩцәеи рыхьчара ҳшазыхиоу агәра ганы ҳаҟазароуп. Украинагьы ари азҵаара аҵакы ду амоуп, насгьы, Урыстәыла Амшын еиқәа аҿгьы закәандарала ахатә арратә хаҭарнакра азнарҳауеит. Амшын еиқәа — НАТО азы астратегиатә аҵакы ду змоу регионуп, уаҟа иаҳзааигәаӡоу апартниорцәа ҳамоуп — Украинеи Қырҭтәылеи. Ҳара адиалоги аполитикатә аӡбареи ҳазҿлымҳауп, аха, ахадаратә принципқәа ирыдҳәаланы акомпромисс зыҟалом.
Аҳәынҭқарра цыҧхьаӡа ахатә мҩа алхра азин амоуп. Ҳара ҳпартниорцәа ҳахьчароуп», — иҳәеит Столтенберг.