Иахьа Нато агыцәтә мчқәа рзыҟаҵарақәаа иалагоит
Иахьа Нато агыцәтә мчқәа рзыҟаҵарақәаа иалагоит

Иахьа Нато агыцәтә мчқәа рзыҟаҵарақәаа иалагоит. “Иӷәӷәоу шьыбжьон” зыхьӡу азыҟаҵарақәа 14 тәыла рхы аладырхәоит, урҭ иреиуоуп ЕАШ.

„CNN“ аинформациала, азыҟаҵаратә раан иддырбоит агәыцәтә аидара аиагара зылшо аҳаирпланқәа.

Азыҟаҵарақәа рхы аладырхәоит 60 ҳаирплан: абомбакажьгақәа, аԥшыхәратә ҳаирпланқәа, абылтәы ала аиқәыршәара зылшо авиациа.

Аԥыррақәа Бельгиеи, Британиа Дуи, Аҩадатәи амшыни рқәыԥшылараҿ нагӡахоит.

Азыҟаҵарақәа хықәкыс ирымоуп Нато иалоу атәылақәа агәыцәтә аанкылара аинструментқәа аанкылара алшареи, ашәарҭадареи агәрагареи рырӷәӷәара.