Иахьа инаркны акоронавирус иадҳәалоу аԥкрақәак аԥыххоит. Аӡбара рыдыркылеит Аусбарҭабжьаратә акоординациатә хеилак аҿы.
Аусбарҭабжьаратә акоординациатә хеилак аҟынтә ишаарыцҳаз, хәажәкыра 28 инаркны иаарту ақәыҧшылараҿы асабрада аныҟәгара ахымҧадара иаҧыхуп, абри аҧкра абжьгаратә ҟазшьа мацара азаанхоит. Ауаажәларратә транспорти иарку ақәыҧшылараҿы асабрада хымҧада иныҟәгатәуп.
“Хәажәкыра 28 инаркны, акрыфаратә обиектқәеи, иара убас, аспорттәи аҟазаратәи уснагӡатәқәеи, асоциалтә уснагӡатәқәеи рҿы ауаа рхыҧхьаӡаразы ишьақәыргылаз аҧкра иаҧыхуп, иара убас анахарала аус зуаз ауааҧсыра аусуратә ҭыҧқәа рахь ихынҳәуеит. PCR-тест ала атәылашҟа иаауа Қырҭтәыла атәылауаа рзы ахҧатәи амш азы PCR-тест аҟаҵара ахымҧадара иаҧыхуп. Иара убас, хәажәкыра 28 инаркны, PCR тест ҟамҵакәа атәылашҟа ихынҳәуа Қырҭтәыла атәылауаа рзы аҽыҧхьакра ахымҧадара иаҧыхуп. Хәажәкыра 1 инаркны, аҳаиртәи адгьылтәи амшынтәи аҳәаала атәылашҟа аара рылшоит авакцинациа наӡа иахысыз атәымуаа/арезидентцәа; авакцинациа иахымсыз – хымҧада ицәырыргароуп аҵыхәтәантәи 72 сааҭ рыҩнуҵҟала иҟаҵоу PCR-тест (ахҧатәи амш азы PCR тест аиҭаҟаҵара рықәшәом);атәылақәа рыркыга аатуеит. Иаҧыхуп апаспорт иаҵәа ацәыргара ахымҧадара, аха, ашәҟәҭаҩратә системақәа зегьы ҧасеиҧш аусура нарыгӡоит. Аҳәаанырцәҟа ацаразы апаспорт иаҵәа зҭаххо ауааҧсыра, ҧасеиҧш, ари амеханизм рхы иадырхәар рылшоит,” – иҳәеит Аусбарҭабжьаратә акоординациатә хеилак иаҵанакуа аоперативтә штаб аиҳабы Гиорги Ӷибраӡе.