Иахьа Евроеидгыла алидерцәа иформалым реиԥылара мҩаԥысуеит
Иахьа Евроеидгыла алидерцәа иформалым реиԥылара мҩаԥысуеит

Иахьа Евроеидгыла алидерцәа иформалым реиԥылара мҩаԥысуеит, – аанацҳаит “Евроактив”.

Иҟоу адыррақәа рыла, аиԥылараҿ Евроеидгылаҿ ахадаратә ҭыԥқәа аанызкыло  акандидатура ҿыцқәа ирыхәаԥшуеит. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, Еврокомиссиа ахада иҭыԥ еиҭаз Урсула фон дер Лаиен аанылкылоит, ари “Европа жәлар рпартиа” Евроеидгыла апарламенттә алхрақәа рҿы абжьқәа реиҳара ахьаиуз иахҟьоуп.

Европа ахеилак ахада иҭыԥ ааникылоит Португалиа ԥасатәи аԥыза-министр Антониу Кошта, Адәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадареи рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнакс дҟалоит Евтониа аԥыза-министр Каиа Каласс.

Иҟоу адыррақәа рыла, лҭҭыԥ аҿы даанхоит Европарламент ахада Роберта Метсола. Рашәара 27-28 рзы Евроеидгыла асаммит аҿы арҭ акандидатурақәа аофициалла шьақәдырӷәӷәоит.