Иахьа Бақәа - Қарҭ - Ҟарс аихамҩала Анкарантә Урыстәылаҟа идәықәлеит раҧхьатәи аекспорттә аидаратә дәыҕба
Иахьа Бақәа – Қарҭ – Ҟарс аихамҩала Анкарантә Урыстәылаҟа идәықәлеит раҧхьатәи аекспорттә аидаратә дәыҕба.
Ари аинформациа аланарҵәеит Ҭырқәтәыла атранспорти аинфраструктуреи рзы аминистрра.
Ҭырқәтәыла аиҳабыра ринформациа ишану ала, абри ахҭыс инамаданы, Ҭырқәтәыла аҳҭнықалақь аҿы аофициалтә церемониа мҩаҧган. Аконтеинерқәа мҩанызго адәыҕба Анкара – Москва идәықәлеит аҭыҧантәи аамҭала асааҭ 10:00 рзы. Адәыҕба 4,65 нызқь километр амҩа иахысуеит 8 мшы рыла.