Иахьа ақырҭуа Аиашахаҵаратә уахәама Светицховлоба аныҳәамш азгәанаҭоит
Иахьа ақырҭуа Аиашахаҵаратә уахәама Светицховлоба аныҳәамш азгәанаҭоит

Иахьа ақырҭуа Аиашахаҵаратә уахәама 12ҩ-ык ацҳаражәҳәаҩцәа ргәаларшәара амш –  Светицховлоба азгәанаҭоит. Светицховлоба инамаданы, Мцхеҭа еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа мҩаԥысуеит.

Аҩыра цқьа инақәыршәаны, Иаса Қьырса 12-ҩык ацҳаражәҳәаҩцәа алихит. Урҭ руаӡәы,  Иуда Искариот, Қьырса динаҧхеит. Убри аамышьҭахь, Иҳақәиҭу Қырҭтәыла ақьырсианра аларҵәаразы Матфеи дықәиргылеит. Абри амш азы Ауахәама  абарҭ Ацҳаражәҳәаҩцәа ргәаларшәара амш азгәанаҭоит: Пиотри иашьа Андеи, Иакови иашьа Иоанни, Филлип, Варфоломеи, Фома, Матфеи, Иаков,  Алфеи, Иуда  (Фаддеи), Симон Ашьыцҩы, Матфии.

Светицховлоба шықәсыкала ҩынтә иазгәарҭоит  —  жьҭаара 14-и Қьырса ихитон амшныҳәа мҩаԥыргоит, ҧхынгәы 13 – Қьырса ицҳаражәҳәаҩцәа ргәалашәара мшуп.