Иахьа Аиашахаҵаратә уахәама Иаҳхылаҧшху Иерусалим инеира амшныҳәа иазгәанаҭоит
Иахьа Аиашахаҵаратә уахәама, аиашахаҵаратә уахәама 12 ахадаратә ныҳәақәа руакы – Иаҳхылаҧшху Иерусалим инеира амшныҳәа – Аҩеиӡтә амҽыша иазгәанаҭоит.
Қырҭтәыла абри аныҳәа Бзоба ахьӡуп. Ишаҧу ала, иахьа аныхабаақәа зегьы рҿы колхидатәи аҩеиӡ (ақыршәала — бза) аҧшьареи аныҳәатә Анцәаимаҵзуреи мҩаҧыргоит.
Бзоба — 12 аныҳәамшқәа иреиуп, уи Мшаҧы аныҳәанӡа аҵыхәтантәи амҽышазы иазгәарҭоит.
Анцәа дхазҵо ауааҧсыра, иахьа иҧшьоу аҩеиӡ амахәқәа шықәсык аҩны ирымоуп, Бзоба анеҩстәи аныҳәамш аҟынӡа.