Иахьа Аенергетика аиҿкааратә амилаҭтә комиссиа алахәылацәа афымцазы акыраамҭалатәи атарифқәа ирыхәаҧшуеит
Иахьа Аенергетика аиҿкааратә амилаҭтә комиссиа алахәылацәа афымцазы акыраамҭалатәи атарифқәа ирыхәаҧшуеит.
Акомиссиаҿы иҟоу Ауаажәлар рҟны аимадарақәа рзы амаҵзура анапхгаҩы Қеҭеван Берикашвили аилатәара иалагаанӡа ажурналистцәа ишралҳәаз ала, аилатәараҿы ирыдыркыло аӡбара иахьаҵәҟьа ажәлар ирыларҳәоит.
«Ишыжәдыруа еиҧш, 2025 шықәса ҧхынҷкәын азы акомиссиа аамҭалатәи атарифқәа шьақәнаргылеит. Урҭ рыҿҳәара ирдуун 2026 шықәса хәажәкыра 31-нӡа. Ари аамҭа иалагӡаны, акомиссиа алахәылацәа атариф иалоу акомпонентқәа зегьы ирыхәаҧшит. Иахьатәи аилатәараҿы акыраамҭалатәи атарифқәа шьақәдыргылоит. Ирыдыркыло аӡбара иахьаҵәҟьа ажәлар ирылаҳҳәоит», — илҳәеит Қеҭеван Берикашвили.