Иахьа адунеи атәылақәак рҿы Беларус адгылара амш иазгәарҭоит
Иахьа адунеи атәылақәак рҿы Беларус адгылара амш иазгәарҭоит

 

Иахьа адунеи атәылақәак рҿы Беларус адгылара амш иазгәарҭоит.  Deutsche Welle адыррақәа рыла,  абри амш азгәаҭаразы жәларбжьаратәи ауаажәларра рахь ааҧхьара ҟалҵеит беларустәи аоппозициа алидер Светлана Цихановскаиа.

Литва амитинг ду мҩаҧысуеит. Вильниус ахада ихан беларустәи абираҟ аҧштәқәа рыла иҩычоуп.

«Литва ахақәиҭра азықәҧара иаанаго рдыруеит. Беларус атәылауаҩратә уаажәларра зхы иақәиҭу адемократиатә тәылаҿы анхара рҭахуп, ҳара уи аҿы ҳрыдгылоит», — иҩит атәыла ахада Гитанас Науседа  Twitter аҿы.

Варшава, беларустәи абираҟ аҧштәқәа рыла идырлашоит зегьы реиҳа зоура дуу ахыбра. Молдовеи Румынтәылеит нанҳәа  9 рзы Беларус иҟалаз ахҭысқәа ирызку аспектакльқәа иқәдыргылоит.

Светлана Цихановскаиа ишылҳәаз ала, иахьа Беларусгьы иакымкәа ауснагӡатәқәа мҩаҧысуеит.