Иапониа G7 асаммит аартуп
Иапониа G7 асаммит аартуп

Иапониа, Хиросима ақалақь аҿы  G7 асаммит аартуп.

Иапониа аԥыза-министр Фумио Кишида G7 асаммит алидерцәа Хиросима аҭынчратә мемориалтә парк ахь дааиԥхьан,  урҭ 1945 шықәсазы атомтә бомба атҟәацраан иҭахаз зықьҩыла атәылауаа рмемориал ашәҭқәа ақәырҵеит.

G7 асаммит рхы аладырхәоит ЕАШ-и, Иапониеи, Германтәылеи, Британиа Дуи, Франциеи, канадеи, Италиеи, Евроеидгылеи рхаҭрнакцәа.

Адмскуссиа шьыбжьон иалагоит. Атема хада – Урыстәыла Украина ақәлыра ауп.