Ианош Бока – Венгриа Евроеидгыла арҭбааразы иалшо зегьы ҟанаҵоит, Молдовеи, Қырҭтәылеи, Украинеи ирыдҳәаланы аконкреттә шьаҿақа ҟаҵазар ҳҭахуп
Ианош Бока – Венгриа Евроеидгыла арҭбааразы иалшо зегьы ҟанаҵоит, Молдовеи, Қырҭтәылеи, Украинеи ирыдҳәаланы аконкреттә шьаҿақа ҟаҵазар ҳҭахуп

“Европа адура азҳархынҳәып” —    анеҩстәи фымз рыҩныҵҟа Евроеидгылаҿ ахантәаҩраан  Венгриа  абри адевиз амазаауеит.  Ари атәы иануп аҭыжьымҭа «Politico» аҿы.

Евроеидгыла азҵаарақәа рзы  венгриатәи аминистр  Ианош Бока ишазгәеиҭаз ала,  Венгриа Евроеидгыла арҭбааразы иалшо зегьы ҟанаҵоит.

«Ҳара Молдовеи, Қырҭтәылеи,  Украинеи ирыдҳәаланы аконкреттә шьаҿақәа ҟаҵазар ҳҭахуп», — иҳәеит аминистр.

«Politiсo» аҿы икьыҧхьу астатиа ишану ала, Евроеидгыла алахәылацәа  Венгриа Евроеидгылахь Украина алалара иаҧырхагахар ҳәа ишәоит, избанзар Венгриа Москва аҟны аимадарақәа рырҕәҕәара иазҿлымҳауп.