Иаку амилаҭтә ҧышәарақәа иалагеит
Иаку амилаҭтә ҧышәарақәа иалагеит

Иаку амилаҭтә ҧышәарақәа иалагеит. Иахьа абитуриентцәа ақырҭуа бызшәеи алитературеи рзы аҧышәара рҭиуеит. Амилаҭтә ҧышәарақа хыркәшахоит ҧхынгәы  26 рзы, афизиказы аҧышәарала.

Аҧышәарақәа рзы амилаҭтә центр адыррала, сынтәа аҧышәарақәа рҭиуеит  45 000ҩык иреиҳаны абитуриентцәа. Атәыла зехьынџьара аартуп 24 аҧышәаратә центрқәа.

„Ацентрқәа зегьы еиқәыршәоуп архьшәашәагатә системақәеи иаҭаху аинфраструктуреи ала.  Аҧышәаратә центрқәа рҿы игылоуп амедицинатә цхыраара лас амашьынақәеи,  аиқәырхаратә маҵзуреи, апатрультә полициеи“,-  иануп Аҧышәарақәа амилаҭтә центр аинформациаҿы.