Иаго Хвичиа – Абри аҩыза аформала акциақәа акыраамҭа изынагӡахом, ауаа есымша анахь-арахь риагара ҟалом, ауаа иааҧсоит, еилыҵуеит, акциақәа реиҿкааҩцәа даҽа хықәкык рымазароуп
Ауаа есымша анахь-арахь риагара ҟалом, ауаа иааҧсоит, еилыҵуеит, акциақәа реиҿкааҩцәа даҽа хықәкык рымазароуп, – иҳәеит апартиа „Гирчи“ алахәыла Иаго Хвичиа.
Хвичиа иажәақәа рыла, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи аполитикцәеи аргама адебатқәа мҩаҧганы, ауаа ираҳаратәы наҟ-наҟтәи апланқәа ирылацәажәароуп.
„Абри аҩыза аформала акциақәа акыраамҭа изынагӡахом, избанзар, акциа еиҿызкаауа иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа, рхатә профиль ала, аҧкрақәак рымоуп. Акциақәа рханы аполитикатә партиақәа игылар ҟалом, ари аганахьала аҧышәа цәгьа ҳамоуп. Сгәы ишаанаго ала, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи аполитикцәеи аргама адебатқәа мҩаҧганы, ауаа ираҳаратәы наҟ-наҟтәи апланқәа ирылацәажәароуп. Ауаа есымша анахь-арахь риагара ҟалом, ауаа иааҧсоит, еилыҵуеит, акциақәа реиҿкааҩцәа даҽа хықәкык рымазароуп“, – иҳәеит Иаго Хвыичиа.