Иаго Хвичиа – Аартызаара иазку азакәанпроект  – аӡәы иҿагылара апроектуп, ауаа ибзианы ирбоит атәыла анапхгара рпартниорцәа ишырҿагыло, аоппозициаа алабҿабара шырымбо
Иаго Хвичиа – Аартызаара иазку азакәанпроект  – аӡәы иҿагылара апроектуп, ауаа ибзианы ирбоит атәыла анапхгара рпартниорцәа ишырҿагыло, аоппозициаа алабҿабара шырымбо

 

«Ауаа ибзианы ирбоит атәыла анапхгара рпартниорцәа ишырҿагыло, аоппозициаа алабҿабара шырымбо», — иҳәеит апартиа  «Гирчи» алидер Иаго Хвичиа Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу анеиҭоз.

Хвичиа  «Ақырҭуа гәахәтәы» ицәырыргаз азакәанҧҵаратә инициатива иазкны иазҵааит.

«Аартызаара иазку азакәанпроект  – аӡәы иҿагылара апроектуп.  Ҳгәы ишаанаго ала, абарҭ аҧсахрақәа рыла, анапхгаратә гәыҧ Америка иаҿагылар рҭахуп. Ари аиҿагылара иаҳзаанагои? Иаҳзаанаго акоуп – ҳадгылара иаҟәыҵны, жәларбжьаратәи аимак ҳаларгалоит.  Ажәлар идҳарбар ҳҭахуп ари азакәанпроект ақырҭуа жәлар реиҷаҳара иазкушәа, аха, аиашаз, уи стратегиатә партниорцәа рыҿагылара ауп изызку.  Егьырҭ атәылақәа абри аҩыза азакәанқәа рыдыркылон раҕацәа рыҿагыларазы, дара раҕацәа рдыруан,  рыҿагылара азоуп арҭ закәнқәа зрыдыркылоз.  Сара уи сақәшаҳаҭым, абри аҩыза азакәанқәа аҕацәа рзгьы адкылара ҟалом.  Дара афашистцәа ирҿагылан, Путин иҿагылан, ҳара?  Сара ауаа ргәаанагароуп интересс исымоу, избанзар,  ауаа ибзианы ирбоит атәыла анапхгара рпартниорцәа ишырҿагыло, аоппозициаа алабҿабара шырымбо», — иҳәеит Иаго Хвичиа.