Иԥсҭазаара далҵит Қарҭ ахада ихаҭыԥуаҩ Илиа Елошвили
Иԥсҭазаара далҵит Қарҭ ахада ихаҭыԥуаҩ Илиа Елошвили

47 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Қарҭ ахада ихаҭыԥуаҩ Илиа Елошвили.

Илиа Елошвили Қарҭ ахада ихаҭыԥуаҩ иҭыԥ 2017 шықәса инаркны ааникылон.

2012-2016 шш. рзы уи Қырҭтәыла Аенергетика аминистр ихаҭыԥуаҩ дыҟан, 2017 шықәсазы Қырҭтәыла Аенергетика аминистрс дҟаҵан. Илиа Елошвили аус иухьан хазхаҭалатәи асетор аҿы, урҭ рыбжьара “MCC”-и  USAID-и апроектқәа рҿы.