Иԥсҭазаара далҵит актиор Џьемал Ӷаӷаниӡе
Иԥсҭазаара далҵит актиор Џьемал Ӷаӷаниӡе

89 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит актиор Џьемал Ӷаӷаниӡе.

Ари атәы аарыцҳаит Русҭавели ихьӡ зху атеатр аҟынтә.

“Русҭавели ихьӡ зху амилаҭтә атеатр аҟынтә ахьаа дула аанацҳауеит актиор Џьемал Ӷаӷаниӡе иԥсҭазаара дшалҵыз…”, – иануп адашшылара аҿы.

Џьемал Ӷаӷаниӡе 1956 шықәса инаркны Русҭавели ихьӡ зху атеатр аҿы аус иуан. Акымкәа арольқәа наигӡахьан. Иара иҽалархәрала идыруп афильмқәа “Сҩыза Нодар” (1968), „Феола“ (1970), „Изхарода“, „Акаԥданцәа“ (1974).

2011 шықәсазы Русҭавели ихьӡ зху атеатр аԥхьа иаартын Џьемал Ӷаӷаниӡе иеҵәа.

2022 шықәсазы уи ианашьан Қарҭ пату зқә атәылауаҩ ихьӡ.