«Ҳезболла» Ҳасан Насралла иԥсра шьақәнарӷәӷәеит
«Ҳезболла» Ҳасан Насралла иԥсра шьақәнарӷәӷәеит

Ливантәи ашиитцәа ргәыԥ «Ҳезболла» рлидер Ҳасан Насралла иԥсра шьақәнарӷәӷәеит.

«Ҳезболла» аланарҵәаз аҳәамҭаҿ ишану ала, агәыԥ Газеи Палестинеи рыдгылара, ливантәи жәлар рыхьчара, Израиль иаҿагыланы ақәԥара нанагӡоит.

Ҳасан Насралла иқәхра иазку адырра аладырҵәеит Израиль атәылахьчаратә мчқәа.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Израиль «Ҳезболла»  ацентртә штаб аганахьала ажәылара мҩаԥнагеит. Израильтәи аруаа ишаарыцҳаз ала, агәыԥ аштаб-уада Беирут аладатәи ахәҭаҿы иҟоу Даҳие араион аҿы, аҩнеихагыла ду аҵаҟа иҵәахын.