Ҳавиер Коломина – Қырҭтәыла ибзиаӡоу  аиҿцәажәарақәа мҩаҧызгеит, НАТО Қырҭтәылеи уи евроатлантикатә ҽазышәарақәеи ирыдгылоит
Ҳавиер Коломина – Қырҭтәыла ибзиаӡоу  аиҿцәажәарақәа мҩаҧызгеит, НАТО Қырҭтәылеи уи евроатлантикатә ҽазышәарақәеи ирыдгылоит

Кавкази Ацентртә Азиеи рҿы НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Ҳавиер Коломина Қырҭтәыла ивизити имҩаҧигаз аиҧыларақәеи дрыхацәажәеит асоциалтә аҳаҿы.

„Қырҭтәылаҿ Саломе Зурабишвилии, Шьалуа Папуашвилии, Илиа Дарчиашвилии, атәылахьчара аминистри, аоппозициааи рҟны ибзиаӡоу  аиҿцәажәарақәа мҩаҧызгеит.  НАТОи Қырҭтәылеи русеицуреи, Вильниустәи асаммити, ареформақәеи адемократиатә стандартқәеи реиқәыршәаразы аҽазышәарақәа реизырҳареи, Украина адгылара арҕәҕәареи ҳалацәажәеит. НАТО Қырҭтәылеи уи евроатлантикатә ҽазышәарақәеи иадгылоит“, – иҩит Коломина „Твиттер“ аҿы.