Ҳавиер Коломина – Қырҭтәыла ахадаратә реформақәа рыҩаӡареи рыласреи иадҳәаланы акрызҵазкәа ашәара иҟоуп
Қырҭтәылеи ҳареи ҳаимадарақәа ҕәҕәоуп, ҩ-ганктәи аформатаҿ ибзиаӡаны аус еицаауеит, – иҳәеит НАТО амӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Ҳавиер Коломина.
Иара ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла НАТО ахадаратә партниорцәа иреиуп.
«Қырҭтәылеи ҳареи ҳаимадарақәа ҕәҕәоуп, ҩ-ганктәи аформатаҿ ибзиаӡаны аус еицаауеит. Ҳпартниорра аҳәаақәа ирҭагӡаны иҳамоу алшарақәа зегьы ҳхы иаҳархәоит. Ҳара иаарту ашәқәа аполитикеи 2008 шықәсазы Бухаресттәи асаммитаҿ иҳадаҳкылаз аӡбареи ҳазыразуп, Қырҭтәыла евроатлантикатә ҽазышәара ҳадгылоит», — иҳәеит Коломина.
Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла хымҧада имҩаҧгатәу ареформақәа иҟоуп. Ахадаратә реформақәа рыҩаӡареи рыласреи иадҳәаланы акрызҵазкәа ашәара ҕәҕәа иҟоуп. Иара убас, иара ишиҳәаз ала, ишиашо аҧыррақәа реиҭашьақәыргылара иазкны Урыстәыла ганкала иаднакылаз аӡбара Қарҭ ишақәҿырҭыз рбеит, уигьы даараӡа иаргәамҵуеит.
«Ҳзыҧхьаз, иаабаз ақәҿыҭра ҳаргәамҵуеит. Москва ари аӡбара ганкала ишрыдыркылаз еилаҳкаауеит, аха, абри аҩыза, иуадаҩу аамҭазы Қырҭтәыла аҭакс иҟанаҵеи. Ҳара ҳазынтәгьы, иҳалшо ала, Украина ҳацхраароуп. Ҳгәы ишаанаго ала, зыӡбахәы ҳәоу аконкреттә факт ала Урыстәыла асанкциақәа ирывсыр аҭахуп ҳәа уҳәар ҟалоит. Убри аҟынтә, ҳазынтәгьы ҳгәы ҳҽанызароуп, ҳазынтәгьы Украина ҳадгылароуп, абри ауп Қырҭтәылантәгьы иаҳҭаху. Ҳәарада, иаабаз ақәҿыҭра ҳаргәамҵуеит, шәеиҳабырагьы уи раҳҳәеит», — иҳәеит Коломина.